Print this page

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ДЖәР, ЛЖәР РҞЫНТӘИ АХҴӘАЦӘА РААГАРА ЕИҾНАКААУЕИТ.

Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 16:19 263

Аҟәа. Жәабранмза 21. 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟиҵаз адҵа ала, Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсныҟа  раагара еиҿнакаауеит.

Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟәшеиҵақәа ахҵәацәа Аԥсныҟа раагара азы Донецки Лугански рахь амҩа иқәлеит.

Last modified on Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 18:44