Ашәахьа. Ԥхынҷкәын . Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Думаа А. Н. Иирамш идиныҳәалеит:
“Ҳаҭыр зқәу Аполлон Нестор-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира амш.
Шәара напхгара ашәҭоит Аҧсуа ҳәынҭқарраҿы аҵак ду змоу ауаажәларратә еиҿкаара - Абыргцәа рхеилак. Жәытә-натә аахыс аҧсуа жәлар ҳаҭыр рзақәын абырг ҟәыҕа иажәа. Уи иамаз амч иаӡбон аимакқәа, еиннаршәон аиҕара зыбжьаз.
Иахьа Аҧсны – азакәан ҧыжәара ахьамоу зинтә ҳәынҭқарроуп. Убри инаваргыланы ҳауаажәлар рыҩныҵҟа аҳәоуеиқәшәара, аихаҵгылара, аизыӡырҩра еснагь иҟазарц азы аҵак ду шамац иамоуп ҳбыргцәа бзиақәа шәажәа.
Аполлон Нестор-иҧа, ишәзеиҕьысшьоит ҭаацәаныла агәабзиара, ақәранҵыра ду, анасыҧ”.