Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҦСНЫ АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҦСНЫ ЖӘЛАР АШЫҚӘС ҾЫЦ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Ахәаша, 01 Ажьырныҳәа 2021 00:01 1258

Ҧхынҷкәынмза 31 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа  Аҧсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар!

Минуҭқәак рышьҭахь ҳҭалоит Ашықәс ҿыц. Уи хәыҷи дуи лымкаала бзиа ирбо ныҳәоуп. Иара иацуп агәыҕра, агәрагара, агәалаҟазаара бзиа. 

Ииасуа ашықәс мариамызт адунеи атәылақәа зегьы рзы. Уи иаанагеит ҳаззыҧшымыз ауадаҩра. Иҿыцны ицәырҵыз ачымазара иаҧсахит ҳзышьцылаз аҧсҭазаара. Иҳармаҷыр акәхеит ҳаиҭанаиааира, ҳаимадарақәа. Уи аҧхасҭа ду анаҭеит аекономика. Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, сшәыҳәоит аныҳәамшқәа рзы шәхы шәеиҷаҳарц, аҳақьымцәа иҳабжьырго шәазхәыцырц. Лымкаала срыдныҳәалоит уаха аныҳәа зусураҿ иаҧыло, ҳауаажәлар ргәабзиара зыхьчо аҳақьымцәа. Ҭабуп ҳәа расҳәоит рџьабаазы. 

Ҭабуп ҳәа расҳәоит аамҭа шымариамызгьы, зхы мшаҭакәан аҳәынҭқарра амаҵ азызуаз зегьы. Ҳымҧада ҳариааиуеит ауадаҩрақәа, аамҭа бзиақәа ҳаҧхьа ишьҭоуп. 

Аҩызцәа, Ашықәс ҿыц аныҳәа иамоуп аҟазшьа ҷыда. Уи лымкаала иацуп аҧхарра, агәыбылра.  

Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, ҩнаҭацыҧхьаӡа абзиабара, аизҳара. Аҧсны ҧшӡа наунагӡа иҟалааит аҭынчра!

Last modified on Ахәаша, 01 Ажьырныҳәа 2021 12:00