Агәабзиарахьчара аминистр аԥыза-министр иааз иколлегацәа иирдырит:
“Иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара Covid-19 злаҽыз ауаа ахырхарҭатә цхыраара рыҭара иазку аусура назыгӡо Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа аконсультатив-методикатә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны ҳара ҳахь иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аспециалистцәа: Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара Аминистрра зықәра наӡоу ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаара Аусбарҭа астационартәии ҷыдалатәи ахықәкытә медицинатә цхыраареи рыҟәша аиҳабы, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист-аепидемиолог Дмитри Гурбич, аҳәынҭқарратә биуџьеттә агәабзиарахьчара аусбарҭа “Аклиникатә аонкологиатә диспансер -1” (ГБУЗ «Клинический онкологический диспансер 1») аепидемиологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Анишьук, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иатәу Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә Усбарҭа “Афтизиопульмонологиеи аинфекциатә чымазарақәеи рзы Амилаҭтә медицинаҭҵааратә Центр” (“НМИЦ ФПИ”) аҳақьым-аинфекционист Александр Дмитриев.
Ҭамаз Цахнакиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аԥснытәии урыстәылатәи аспециалистцәа Гәдоуҭатәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи ирҭааит.
“Ҳара Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ахәышәтәырҭа ҳаҭааит, уи иамоу аматериал-техникатә база, ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара, амедицинатә персонал аусура аиҿкаара, уҳәа агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Ачымазаҩ ииагаразы ахархәара зауа аматериалқәа ҳрыхәаԥшит. Иара убас, ҳара иаҳзеиҭарҳәеит араҟа акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҽра аилкаара азы ПЦР-диагностика шымҩаԥырго атәы, - ҳәа Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит Дмитри Гурбич.
Ахәышәтәырҭақәа рҭаара ашьҭахь урыстәылатәи аспециалитцәа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥгаз аилатәара рхы аладырхәит.