Аспециалистцәа рылкаақәа рыла, ԥхынгәымза 30 азы агәаҭара иахысыз аӡәгьы акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-2019 идбалаӡам.
Аҳақьымцәа Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Асанепидстанциа алабораториа агәаҭара алҵшәақәа рыдгалара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2020 ш. Аԥсныпресс. Асанепидстанциа алабораториа акоронавирусттә ҿкы чымазара аарԥшразы аԥыза-министр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа, Аппарат анапхгаҩцәеи аусзуҩцәеи ирымхыз абиоматериал ала имҩаԥгаз агәаҭарақәа рылҵшәақәа аминистрцәа Реилазаара Аппарат аҿы адгалара мҩаԥнагеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.