Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Гәалсра дула срыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз иналукааша Аԥсны акульутра аусзуҩы, Аԥсны Жәлар рартист, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Никуала Чқәан иҭынхацәа.
Никуала Константин - иҧа еиԥш аҟаза ду иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп аԥсуа культуразы. Аҟаза иаамысҭашәара, имаз даҽаӡәы иламҩашьоз асценатә хаҿсахьа, еснагь аԥсҭазаара абзиабара, аԥхарра зныԥшуаз илафҳәашьа ҷыда ирыбзоураны дыззаҧсоз Аҧсны жәлар наӡаӡа ргәалашәараҟны даанхоит.
Иԥсаҭа бзиахааит Никәала Константин-иԥа».