Аурыс Иашахаҵаратә Ныха имҩаԥнаго аусура аҵакы дуӡӡоуп аиашахаҵаратә дунеи аҟны асоциалтә ҭышәынтәалареи аизыразреи рышьақәыргылараҟны.
Урыстәыла аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит Анцәа илԥха, адоуҳамч, агәабзиара, мшаԥныҳәазтәи агәырӷьара.
Шәара Шәыԥшьаӡазаара, мшаԥазтәи амшқәа ирхылҵуа алашара ишәнаҭааит агәеизҳара, шықәсарацәала лыҵшәазмоу анцәамаҵзура.
Агәра згоит Шәара имҩаԥыжәго акырӡа зҵазкуа аусқәа рыла Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ақьырсиан ҵасқәа шьаҭас измоу реиҩызареи рыгәреибагареи есааира ишыӷәӷәахало, ишыҿиало.
Игылаз Иаса Қьырса илԥха ишәнаҭааит агәамч, ақәранҵыра ду».