Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АУААԤСЫРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА РАЦӘЫХЬЧАРА АЗЫ АКООРДИНАЦИАТӘ ШТАБ: АԤСНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 АЗЫ 60-ҨЫК РДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП

Ашәахьа, 03 Лаҵара 2021 20:36 294

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2021шықәса. Аԥсныпресс. Ауааԥсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Акоординациатә Штаб  лаҵарамза 3  аламҭалазы атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аепидимиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра ҟанаҵоит. Убас, иҟоу адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла 218-ҩык акоронавирус азы атест иахысит, урҭ рахьынтә COVID-19 азы 60-ҩык  рдиагноз шьақәырӷәӷәоуп.  

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хада аҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит 49-ҩык, урҭ рахьынтә  46 – ҩык COVID-19 азы рдиагноз шьақәырӷәӷәоуп. Згәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩу рхыԥхьаӡара 31-ҩык рҟынӡа инаӡоит, 12 –ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз 37-ҩык апациентцәа, Очамчыратәи ахәышәтәырҭа хада аҿы – 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы – 20 -ҩык, Ҭҟәарчалстәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы  - 5-ҩык апациентцәа.

Иахьатәи амш азы Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара 14617 –ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәҟәы иҭагалоуп 222-ҩык зыԥсҭазаара иалҵыз. Ргәы бзиахахьеит  13650-ҩык.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә  Штаб Аԥсны ауааԥсыра зегьы рахь ачымазара алаҽра аҽацәыхьчаразы иахәҭоу аҽыхьчагатә уснагӡатәқәа нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.