Лаҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иара убас 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 76 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысраны иҟоуп жәларбжьаратәи акциа «Ԥсра зқәым аполк».
09:00–09:40 - Акциа иалаху Ахақәиҭра Ашҭаҿы реизара.
09:40–10:00 – аколонна аиқәыршәареи аиасра ахацыркреи. (Гәлиа имҩаду– Леон имюаду).
10:30- Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала аколоннада ахь ацәырҵра
11:00 – Диоскураа рыԥшаҳәа аҿы Идырым асолдат ибаҟа аҿаԥхьа аиасра.
Лаҵарамза 9 рзы имҩаԥысраны иҟоу маланыҟәала аисрала «Аиааиразы иҭабуп сабду» ҳәа хыс измоу акциа мҩаԥгахоит. Акциа амаршрут Аҟәа–Гәылрыԥшь–Аҟәа. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп 50-ҩык инарзынаԥшуа амаланыҟәаныҟәцаҩцәа. Акциа алагоит Москватәи аамҭала асааҭ 14:00 рзы Москватәи акультура-усуратә центр «Москва Аҩны» аҟынтәи.
14:00–15:30 – авелоколонна Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла аганахьала амҩа иацнаҵоит.
15:30-15:50 – аибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рыиашьаратә нышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.
15:55–16:30 – авелоколонна Маҷара ақыҭа аганахьала амҩа иацнаҵоит.
16:35–16:45 - Маҷара ақыҭан игылоу 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
16:55–17:40 – авелоколонна Аҟәа ақалақь ахь ахынҳәра.
17:40–18:00 – Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку агъәлашәаратә церемониа амҩаԥгара.