Атуристцәа рыдкылара аобиектқәа рҿы аусдкыларатә усура нарыгӡоит 445 еиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи анаплакқәеи. Ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 26 144 рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 107 аиуристтә хаҿқәа рҿы -16 986 шьҭаларҭа-ҭыԥ, 348 хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҿы – 9 158 шьҭаларҭа-ҭыԥ. 2019 шықәасзы ишәоу ашәахтәқәа 265 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, 2020 шықәсазы – 140 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Атуристцәа рыдкылара знапы алаку аиҿкаарақәа зегьы рҟынтәи азеиԥш шәахтәқәҵара иаҵанакуеит 117 обиект, иҷыдоу ашәахтәқәҵара иаҵанакуа -242 обиект, ашәахтәқәҵара апатенттә система иаҵаанкуа 96 обиект. Ашәахтәқәҵаратә усбарҭа аҿы ашәҟәы иҭагалоу 81 еиҿкаара рҟынтәи атуристцәа рзы аекскурсиатә маҵзура нарыгӡоит 31 наплакы. 2019 шықәса азы иарбоу аиҿкаарақәа 136 285-ҩык рмаҵзура алдыршеит, урҭ иршәаз ашәахтә 4 млн.857 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, 2020 шықәса рзы – 111 103 –ҩык атуристцәа, иршәаз ашәахтә азеиԥш еицҵалыҵ - 2 млн.872 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. «2020 шықәсазы акурорттә аамҭахәҭа акыр анырра анаҭеит акоронавирусттә ҿкы чымазара апандемиа. Аҭыԥқәа рҿы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа русура ахылаԥшра аҩаӡара аизырҳара иазку аусура мҩаԥысуеит»,- ҳәа иҳәеит Мераб Логәуа. Ҳазҭоу ашықәс 4-мыз ирылагӡаны абиуџьет иалагалоу ашәахтә шәатәқәа 128% рҟынӡа инаӡеит. Ишьақәырӷәӷәоу аплан ахыхь абиуџьет иалагалоуп 181 млн. мааҭ.