Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АСЛАН БЖЬАНИА АЛИНГВИСТИКАТӘ ФОРУМ АҞНЫ ИҚӘГЫЛАРА

Аԥшьаша, 10 Рашәара 2021 15:05 801

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуа Алингвистикатә форум ихы алаирҳәит.

Аслан Бжьаниа иқәгылара атекст аҟны, ҷыдала, иазгәеиҭеит:

“Ҳаҭыр зқәу алингвистикатә форум алахәылацәа!

Иахьа ара ишьҭыху азҵаара ҳажәлари аҧсуа ҳәынҭқарреи рзы ихадоу азҵаарақәа ируакуп.  Ирҳәоит ажәлар ыҟоуп ҳәа зхатәы бызшәа зҳәо дыҟанаҵы.
Сара абри иацысҵар сҭахуп даҽакгьы - аҧсуа ҳәынҭқарра ыҟазаауеит, аҧсуаа аҧсышәала ицәажәонаҵы, ҳҳәынҭқарра аҧсшәа цәа аханаҵы.
Сара агәра ганы сыҟоуп ус наунагӡа ишыҟало, аха уи азы иҟаҵатәу даара ирацәоуп.

Ари аус азы рылшарақәа еибырҭароуп аҳәынҭқарра анапхгара, аҵарауаа, аҵарааӡара знапы алаку, аҭаацәа. Ари азыӡба уаҵәахьы иахыгатәу усӡам.  Иахьа адунеи аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа, апрогресс инаваргыланы,  зхыҧхьаӡара маҷу ажәларқәа рзы ирыцу ашәарҭарақәагьы рацәоуп.

ИУНЕСКО иҟанаҵо алкаақәа рыла есымза адунеи аҿы ииаӡаауеит ҩ-бызшәак. Иахьа ҳара иҳамоуп ихьыҧшым аҳәынҭқарра. Ари ҳажәлар рзы хеиқәырхарҭас иҟазароуп. Ҳҳәынҭқарра – ари ҳара ҳаҩноуп. Уи аҩныҵҟа ҳажәлар ҿиароуп, иҕьацароуп, уи аҩны  иҩныҩлароуп еснагь ҳхатәы бызшәа.

Ҳәара аҭахума, аҧсуа бызшәа Аҧсны Аконституциа инақәыршәаны аҳәынҭқарратә бызшәа анакәха, уи рхы иадырхәалароуп аҳәынҭқарратә институтқәа. Иҟаҵоу маҷӡам, аха аамҭа иаҳнарбоит уи шазымхо, иҵегь агәцаракра шаҭаху.

Хаҭала сара сацклаҧшуеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны аҧсуа бызшәа ахархәара ахьынӡамоу. Аҧсны Ахада иусура иазкны ицо ажәабжьқәа еиқәдыршәоит аҧсышәалеи урысшәалеи, Ахада исаит аҟны лымкаала хылаҧшра амоуп аҧсуа даҟьа, аҳәаанырцәтәи асасцәа ансыдыскыло, жәларрыбжьаратәи аиҧыларақәа анымҩаҧызго схы иасырхәоит аҳәынҭқарратә бызшәа.

Иҟалап уи маҷуп ҳәа зыҧхьаӡо дыҟазаргьы, аха амаҷи-амаҷи еицыланы ауп ишыҟало аус ду. Адҵа рысҭоит егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы абри ихадоу азҵаара хылаҧшра ҷыда арҭаларц.

Абри аус аҟны зегь раҧхьа иргыланы иаҳҭахуп шәара, аҵарауаа шәыцхыраара.

Ҳаицазхәыцып абызшәа аҵара аҿар радҧхьаларазы иҟаҵатәу, мҩақәас иалхтәу, аҵаратә система ахьырмариатәу, иахьырҕәҕәатәу. Хымҧада, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети Алингвистикеи аинформациатә технологиақәа рцентри еиҿыркааз иахьатәи Афорумгьы убри азҵаара ауп изызку. Ишәзеиҕьасшьоит қәҿиарала аусура, аихьӡарақәа".


Last modified on Аԥшьаша, 10 Рашәара 2021 15:17