Ари ажәахә аҿы иара дазааҭгылеит аекономика аҿиара иаԥырхагоу апроблемақәа. «Аекономика аҿы ихадоу апроблемақәа иреиуоу – атәыла анапхгартә усбарҭақәа икәадоу рхылаԥшра ауп. Уаанӡа иҟази уажәы атәыла иахагылоуи амчрақәа зегьы еицҿакны «ашәшьыра иҵоу» ҳәа изышьҭоу иргамам аекономика аҟазаара дырҵабыргуан. Аха аӡәымзар аӡәгьы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ анагӡара иахәҭоу ахылаԥшра аҭара аиҿкаара рылымшаӡеит. Аԥсны ахылаԥшратәии агәаҭаратәии уахь иналаҵаны, иахәҭоу аструктурақәа зегьы аԥҵоуп.
Иарбанызаалак анаплакқәеи аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи русура ҳәаақәызҵо азинтә нормақәа русура ада изыҿиаӡом. Аҭагаларатә иназыцҵоу ахәԥса азы Ашәахтә апроблема аҳәаақәа ирҭагӡаны амонополиа цәырҵит, убас ала еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаз атәыла Анапхгара аӡбамҭақәа рхы иархәаны аилазаара дуқәа уадаҩрак аҵамкәа Иназыцҵоу ашәахтә азы Ашәахтә зықәҵам раалыҵ зегьы ҭаргалоит, Убри аҟнытә аусдкылаҩцәа реиҳараҩык агәынамӡара аадырԥшуеит.
Дара ртауарқәа аџьармыкьа аҿы ианеиқәшәалак, Иназыцҵоу ахәԥса азы Ашәхтә зықәҵоу атауар, уи аҟынтәи иақәиҭу атауарқәа рҿаԥхьа аконкуренциатә лшара ацәыӡуеит. Убри аҟнытә, зегьы иреиҳау проблеманы иҟоуп – еиуеиԥшым ампыҵакра аформақәа змоу анаплакқәа русура ҳәаақәызҵо аманаполиаҿагыларатә закәанԥҵара аҟамзаара. Зегьы рзы иаку аԥҟарақәа ыҟазароуп. Аиԥш-зеиԥшу атауарқәа Аԥсныҟа иалазгало анаплакқәеи аусдкылаҩцәеи зегьы ирзеиԥшу аԥҟарақәеи иаку азнеишьеи ралкаара хымԥадатәиуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.