Аҳәынҭқарра Ахада, зырхиара иаҿу аҧсахрақәа амчратә еилазаарақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәра шьаҭанкыла анырра анаҭароуп, азинтә леишәеи ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара арӷәӷәареи иацхраароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Иаарласны аусуратә гәыҧ азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟны аиҭакрақәа ирызкны иазнархиаз апроект ауаажәларра ирыдгалахоит.
Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Ахантәаҩы Манана Делба, атәыла Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Роберт Киут, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.
Ас еиҧш иҟаз аилатәара уажәаҧхьа рашәарамза 21 рзы имҩаҧысхьан.