Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа "Аиҭаира" 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи, зегьы раасҭа иуадаҩыз амшқәа инадыркны хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар ирывагылаз аибашьцәа Рымшныҳәа инамаданы адныҳәалара аланарҵәеит. Аԥсны жәлар Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, рҟынтәи иааны аԥсуаа ирывагыланы хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз зегьы рфырхаҵареи ргәымшәареи ахаангьы ирхашҭраны иҟам, уи наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит. Хатәгәаԥхаралатәи фырхаҵарала аибашьра ҳҭоурых иузаҟәымҭхо иахәҭаны иаанхоит. Муса Шанибов, Сулҭан Сосналиев ҳара зегьы ҳзы ахаҵареи, апатриотизми, аҟәыӷареи, иаҿырԥшхеит, иара убри ала урҭ ажәлар зегьы рыбзиабара иаԥсаны иҟалеит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҟны. Апартиа «Аиҭаира» хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуази урҭ рҭаацәеи ҳазҭагылоу имариам аамҭазы зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аҭынчра рзеиӷьанашьоит.
*** 2012 шықәса раахыс Аԥсны иазгәарҭо Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Имшныҳәа азы иара убас адныҳәалара ҟанаҵоит Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит».
«2013 шықәсазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан иарбоу аиҭакра алагалара – уи ҳтәылаҿы хатәгәаԥхаратәи аибашьра иаҵоу аҵаки иааннакыло аҭыԥ ҳараки ҩаԥхьа иарҵабыргуеит.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы, фырхаҵарыла иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Рбаҟа аҿаԥхьа Аԥсны ауааԥсыра аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагыла аамҭазы ирывагылаз, хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз, Аԥсны ахақәиҭразы зхы иамеигӡаз рашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәоит. Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳажәлар ргәаҵаҿы иаанхоит. Ҳашьцәа гәымшәақәеи урҭ рҭаацәеи гәык-ԥсыкала ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аманшәалара»,- ҳәа иазгәаҭоуп афонд «Иаҳгәалашәоит» иҟанаҵаз адныҳәалара атекст аҿы.