Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа астанциеиҵақәа ИЭПиТ, Баслаҭа аӡы рыҵалеит. Иқәнагалаз акьыл астанцеиҵақәа реиқәыршәагақәа ирҭачит. Афымцеихшарҭатә станцеиҵа ИЭПиТ аҿы аусура иаҟәыҵит афымцамҩангагатә еиқәыршәага. Аҟәа ақалақь аҳабла Ҿыц фымцалашарада еиқәзыршәо астанциеиҵа «Аҟәа-2» аҿы русура еиԥҟьеит зымчхара 10 кВ рҟынӡа инаӡо афымцацәаҳәақәа. Урҭ реиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа нанагӡоит Аҟәатәи афымцатә Станциа аспециалистцәа.
Уажәы Аҟәа ақалақь агәы иахьаҵанакуа, аҳабла Ҿыц ахәҭаки, Алашарбага аҳаблеи лашарада иҟоуп. Авариа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит.