Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 22 рзы Нижни Новгород 800- шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Нижегородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Саносиан иԥылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала ақалақь 800- шықәса ахыҵра иазкны иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы ииркит.
Аԥснытәи аделегациа аԥсшәа раҳәо, Андреи Саносиан иҳәеит: «Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Нижегородтәи аобласти рыбжьара апартниортә еимадара рыбжьарҵеижьҭеи 10 – шықәса ҵуеит. Ҳара ҳрегион иашәҭо ахшыҩзышьҭреи, иара убас 800-шықәсатәи ҳиубилеи азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа шәазхьҽалашәырхәызи азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит». Алхас Кәыҵниа Нижегородтәи аобласть анапхгараҭара иҟанаҵаз адкылара бзиаӡа азы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Уи еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аусеицура аҿиара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ҳара уи аҳәаақәа рырҭбаареи арҿиареи рзы агәҭакқәа ҳамоуп»,- ҳәа иҳәеит Алхас Кәыҵниа. Аиԥылара аҿы Нижегородтәи аобласти Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит: адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаа, Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц, Пицунда ақалақь ахада Руслан Хәынцариа, Нижни Новгород иҟоу ҳаҭыр зқәу Аԥсны аконсул Владимир Литвинчук.
Урыстәылатәи аган ахьӡаоа аиԥылара рхы аладырхәит: Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Афедерациа асубиектқәа, апарламенти ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рымадара азы Адепартамент адиректор, Сергеи Малов, Нижни Новгород ақалақьтә Дума Ахантәаҩы Олег Лавричиов, Нижегородтәи аобласт Анапхгара адәныҟатәи аимадарақәа рзы Адепартамент адиректор Ольга Гусева, ақалақь Бор ақалақьтә округ аҭыԥантәи ахаланапхгара ахада Алексеи Боровски, ақалақьтә муниципалтә раион аҭыԥантәи ахаланапхгара ахада Александр Мудров.