Уи иара убас ишазгәеиҭаз ала, акоронавирустә ҿкы чымазара иадҳәалоу аҭагылазаашьа акыр иҭышәынтәалаӡам, убри аҟнытә ҩаԥхьа ачымазара алаҽра аизҳара ҟаларгьы ауеит.
«Ҳара ҳмедицинатә усзуҩцәа, ҳсанитартә ҳақьымцәа рабжьгарақәа зегьы ҳрықәымныҟәалар, усҟан ари ачымазара бааԥсы ҩаԥхьа аҽарӷәӷәар алшоит. Ҳара зегьы ҳхатәы гәабзиара адагьы, иаҳзааигәоу ргәабзиаразгьы аҭакԥхықәра ҳадуп. Ауаҩы дшычмазаҩу дырны ауаа массала иахьеизо аҭыԥқәа дырҭаалар ҟалаӡом, ачымазара злаҽыз иуацәагьы ахыԥхьакра арежим нарыгӡалароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.
Едуард Быҭәба иара убас иҟаиҵаз адыррақәа рыла, агәабзиарахьчара Аминистрреи аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи аҵаратә процесс цәыббрамза 1 инаркны алагара азҵаара аганахьала аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит, аха макьаназы иарбоу азҵаара ала аӡбамҭа рыдрымкылаӡацт.
«Иааиуа амчыбжь алагамҭазы аԥыза-министри аҵарадырра аминистри сареи ҳабжьара аусуратә еилацәажәара амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Иахьа ҳара ачымазара алаҽра азы адырреизак еиқәҳаршәоит, ачымазара алаҽра адинамика ҳацклаԥшуеит. Ҳара урҭ адырранҵақәа зегьы атәыла анапхгара ахь инаҳашьҭуеит, ҳгәаанагарақәа ҳҳәоит, сгәы иаанагоит аҩаша иахымгакәа ашколқәа рзы аӡбамҭа адкылара алыршахоит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.