Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб инапы зҵаиҩыз Ақәҵара инақәыршәаны, нанҳәамза 27 (ахәаша) 2021 шықәса иназыцҵоу ԥсшьарамшны иԥхьаӡоуп.
Нанҳәамза 26 – Аԥсны аныҳәатә ԥсшьарамшны иԥхьаӡоуп.
Нанҳәамза 28 – Анцәадзыхшаз Аҭыԥҳацқьа лалацәеиқәыԥсара Амш (Нанҳәа аныҳәа) ауп. Сынтәа уи асабша иахьақәшәо инамаданы, ашәахьа, нанҳәамза 30 ԥсшьарамшны ирылаҳәахоит.