Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс алагара инаркны нанҳәамза 20 аҟынӡа атәыла атуризм азы Аминистрра адыррақәа рыла, Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иаҭааит 501 132-ҩык, Афонҿыцтәи аҳаԥы – 309 886-ҩык. Риҵатәи амилаҭтә реликтә Парк аҿы инагӡаз зыхә ршәауа амаҵзурақәа ршәагаа 167,8 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы –154,6 млн мааҭ.
2019 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Риҵатәи амилаҭтә реликтә парк иаҭааит 281 558 – ҩык, ирҳан 91 млн мааҭ инареиҳаны, 2020 шықәсазы – 108 342-ҩык, ирҳан 36 млн мааҭ.
Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс 2019 шықәса алагамҭа инаркны нанҳәамзанӡа иаҭааит 190 142 – ҩык ауаа, 2020 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иарбоу аобиект иарҳаит 94,6 млн мааҭ, иарбоу аамҭахәҭа азы аҳаԥы иаҭааит 44 503 –ҩык ауаа, аобиект аҿы инагӡаз зыхә ршәауа амаҵзурақәа рзы ирҳаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 22 млн мааҭ иреиҳауп.