Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ЦӘЫББРАМЗА 19 РЗЫ АԤСНЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕПУТАТЦӘА РАЛХРАЗЫ АБЖЬЫҬИРА

Ашәахьа, 13 Цәыббра 2021 09:43 285

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аамҭала, мамзаргьы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа  атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәа ралхра азы абжьыҭира рхы аладырхәыр рылшоит цәыббрамза  19 рзы.

Аԥсны еиҿкаауп абжьыҭиразы аҭыԥхадақәа жәба. Урҭ абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рҿы иҟоуп:

Ақалақь Аҟәа, Аиааира Апроспект, аҩны № 33, абжьаратәи ашкол № 10 ахыбраҿы;

Ақалақь Аҟәа, Картозиа имҩаду, аҩны № 6, абжьаратәи ашкол № 5 ахыбраҿы;

Ақалақь Гагра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Апроспект, аҩны № 84, акультура Аҩны ахыбраҿы;

Ақалақь Пицунда, Гыцба имҩаду, аҩны № 7, акультура Аҩны ахыбраҿы;

Ақалақь Гәдоуҭа, ԥхынгәымза 23 амҩаду, аҩны № 2, абжьаратәи ашкол № 2 ахыбраҿы;

Бамбора аҳабла, Абазаа рымҩаду, аҩны № 112, Бамборатәи абжьаратәи ашкол ахыбраҿы;

 Ақалақь Очамчыра, Лакоба имҩаду, аҩны № 22, абжьаратәи ашкол № 2 ахыбраҿы;

Ақалақь Ҭҟәарчал, Ахақәиҭра, аҩны № 28, Д.Гәлиа  ихьӡ зху акультура Ахан ахыбра аҿы;

Ақалақь Гал, Леон имҩаду, аҩны № 1, акультура Аҩны ахыбра аҿы.

Абжьыҭира амш аҽны алхратә ҭыԥқәа аатуеит асааҭ 08:00 рзы. Абжьыҭира мҩаԥыслоит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхра еилаԥсоу асистема ала имҩаԥысуеит: 225 – ҩык  Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа мандатктәи алхырҭатә округқәа рыла иалххоит (округк-депутатк), егьырҭ 225 – ҩык адепутатцәа – афедералтә алхратә округ ала, апартиақәа рҟынтәи акандидатцәа рсиақәа рзы  иалагалоу алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иаҟараны.   

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:27