«Ҳара хәыҷы-хәыҷла ҳавтопарк арҿыцра ҳаҿуп. Иахьа абаланс аҿы иҟоу автомашьынақәа акыр иқәсхьеит. Ҳара Аҟәа араион азы даҽа ҩ-машьынаки ареанимобильки ҳауит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.
Аминистр Чечентәылатәи Ареспублика иҟанаҵаз ацхыраара азы иҭабуп иҳәеит, амашьынақәа апациентцәа рыцхырааразы ахархәара шаиуо азгәеиҭеит.
Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа араион шдуу, насгьы ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азы лассы-лассы ақыҭақәа рахь ацара шрықәшәо азгәалҭеит.
«Иҟалалоит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз ачымазцәа зыԥшра ҟамҵаӡакәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ахь ианыгатәу», - ҳәа илҳәеит Мадонна Кьышьмариа.
Чечентәылатәи Ареспубликеи Аԥсни Анапхгарақәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит иара убас Беслан Бигәааи Ҭемыр Оҭырбеи. Урҭ ирццаку амедицинатә цхыраара амашьына ҿыцқәа акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ азы акыр ихымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит.