Иара убас Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Анализқәа рылҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.
Иара убас араатә хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатә бактериологиатә лабораториеи русеицура шьақәыргылоуп. Араҟа амедикцәа иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара ахкқәеи аштаммқәеи ралкаара аҿы ацхыраара ҟарҵоит. Амобилтә хәышәтәырҭа алабораториақәа рҿы иахьазы имҩаԥгоуп 1500 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым алабораториатә ҭҵаарақәа, 1000 ПЦР-тести еиуеиԥшым аклиникатә гәаҭарақәеи 500 инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәеи уахь иналаҵаны.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа 50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа, арентген-кабинет ыҟоуп. Ахәышәтәырҭа аҿы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны арратә ҳақьымцәа, абригадақәа еиҟараны еихшоуп, урҭ рҽеиҭныԥсахло уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аус руеит.
Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәеи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, ПЦР-лабораториа, уҳәа рыла еиқәыршәоуп.
Ахәышәтәырҭа хәышәыла аиқәыршәара инагӡаны имҩаԥгоуп. Аҵәыҵәри ала аиқәыршәара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база. Иааизакны уахыки-ҽнаки рыла иныххоит 100 инарзынаԥшуа аҵәыҵәритә баллонқәа.