«Иарбоу аетап аҟны, урҭ аус здырулаз аучастак ала, изеиԥразаалак аилибамкаареи аиуадаҩрақәеи ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аҳәаа иаԥну ақыҭа Аибӷа акәзар, Урыстәылатәи агани аԥсуа гани рыбжьара аиқәшаҳаҭра ыҟоуп. Уаҟа, сара сызлахәаԥшуа ала, аформулировка даара ҳаҭырқәҵарала еиқәыршәоуп: аӡәгьы иахьа атерриториалтә ҽԥынкыларақәа ааирԥшӡом. Иҟоуп еиқәшаҳаҭым адгьылҵакыра», -ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, акомиссиа аусура аҳаҭырқәҵареи аилибакаареи рааԥшрала имҩаԥысуеит.
«Аԥсны-урыстәылатәи акомисииа аилазаара ҿыц Аибга ақыҭа азҵаара алацәараанӡа ианнеилак, уаҟа излацәажәало, насгьы аҭагылазаашьа шышьақәгыло ҳахәаԥшып», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.