Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ажьиба Р.А. "амилициа аинрал-маиор" ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡ ихҵаразы.
Аусԥҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"1996 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 аҟн. (УП-13 1997 ш. хәажәкырамза 4 аҟн; 1998 ш. ԥхынгәымза 22 аҟн., УП-62; 2017ш. цәыббрамза 11 аҟн. УП-208 аҧсахрақәа зцу)
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу УП-104 Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟны Аԥҟара инақәыршәаны,
амилициа аполковник, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, акриминалтә милициа аиҳабы Ажьиба Александр Руслан-иԥа ихҵазааит "амилициа аинрал-маиор" ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡ".