А.Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа адиректор Бжьаниа Нинель Борис-иҧҳа, иҳараку анагӡаратә ҟазареи, Аҧсны амузыкатә культуреи аҟазареи рыҿиара аҿы ллагала дууи рзы, “Ареспублика Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.
Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр анапхгаҩы, адирижиор хада Терзиан Давид Вагеи-иҧа, амузыкатә культуреи аҟазареи рыҿиара аҿы илагала ду азы “Ареспублика Аҧсы зҽаҧсазтәыз артист” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп.