Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

АҞӘАТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛҚӘА РҾЫ «АРРАТӘ АХЬӠ-АԤША АМШҚӘА» МҨАԤЫСУЕИТ.

Ахәаша, 24 Цәыббра 2021 17:53 309

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза  20 – 30 рзы аҳҭнықалақь ашколқәа рҿы «Арратә Ахьӡ-Аԥша амшқәа» мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа.   

Ақалақь ашколқәа рҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш иазку еиуеиԥшым агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – еиҵагыло аҿар апатриотизм ацәаныррақәа, Аԥсадгьыл абзиабара рылааӡара. 

Цәыббрамза 27, 2021 шықәса рзы Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭра Амш 28 шықәса ахыҵуеит. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәарҭоит.

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:10