Аҟәатәи алашарбага, уи иахьа инанагӡо ароль, уи аҟазаара ҵакыс иамоу, ианышьақәыргылаз аамҭа, усҟантәи амҭазы иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа, иара убас уи аргылара шымҩаԥысуаз атәы афорум алахәылацәа акыр иазҿлымҳахеит.
Амузеи адиректор иажәақәа рыла, аԥсуа ҵарауааи амузеи аусзуҩцәеи рзы ас еиԥш иҟоу афорумқәеи аконференциақәеи ралархәра акыр аҵак ду аҵоуп, избан акәзар уи анаукатә усзуҩцәа егьырҭ атәылақәеи арегионқәеи рҟынтәи рколлегацәа русумҭақәа рабадырреи, аусумҭақәа, ридеиақәа, рыхшыҩҵакқәа реимдареи, апроектқәа раԥшьгареи реицынагӡареи рзы хра злоу алшара рынаҭоит.
«Апандемиа иахҟьны ҳара имаҷны аныҟәара мҩаԥаагоит, ҳколлегацәеи ҳареи лабҿаба ҳаибабара, иҿыцу аҭҵаарақәа, алитература алацәажәара маҷхеит. Аибабара – ари наҟ-ааҟ доуҳала абеиахара иазку ихымԥадатәиу акакәны иҟоуп. Иара убас аилацәажәарақәа раан анҩстәи аусеицуразы аидеиа ҿыцқәеи ажәалагалақәеи цәырҵуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аркади Џьопуа.
Жәларбжьаратәи анаукатә форум «Нхыҵ Кавказ акультуратә ҭынха амилаҭбжьаратәи аинаалара афактор аҳасабала" Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра афинанстә цхыраарала Д.С. Лихачиов ихьӡ зху акультуратәи аԥасабаратәии аҭынха азы Урыстәылатәи анаука-ҭҵааратә Институт аԥшьгарала 2015 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа есышықәса имҩаԥгахоит.
Афорум «Нхыҵ Кавказ акультуратә ҭынха амилаҭбжьаратәи аинаалара афактор аҳасабала" анаука, аҵарадырра, асоциал-культуратә усхкы, атуризм, анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи мчра аусбарҭақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, атәылауаҩратә еилазаара аинститутқәа, уҳәа рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарратә политика анаука-методикатә еиқәыршәара, иара убас амилаҭбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аҳәынҭқарратә политика аиқәыршәара, акультуратә ҭынха ахьчареи хшыҩркрала ахархәареи хықәкыс иҟаҵаны адиалог рыбжьаҵара азы есышықәсатәи жәларбжьаратәи арегионбжьаратәии аплатформа аҳасабала иқәгылоит.