Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АОПЕРАТИВТӘ ШТАБ: 165 -ҨЫК РҾЫ COVID-19 АЗЫ АДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.

Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 13:06 274

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 582-ҩык, COVID-19 азы адиагноз   165-ҩык рҿы  ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада  аҿы ишьҭоуп 41 – ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 28-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп  27 - ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 10-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 16-ҩык, 2-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп –  5 – ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 75  - ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә  10–ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1951 шықәса рзы ииз аԥҳәыс. 

Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 27775 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә  22680  - ҩык ргәы бзиахахьеит, 417  -ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.  

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.     

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 14:02