Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШ АЗЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР ААԤХЬАРА ҞАИҴЕИТ.

Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 18:53 247

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы Аԥсны жәлар Ааԥхьара ҟаиҵеит

«Акыр иаԥсоу Аԥсны жэлар! Ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш! Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы иаҳныруеит зыԥсҭазаара ари амш иахҭнызҵаз рлахьынҵа, ҳазхәыцуеит зны-зынла ухаҿы иузаамго урҭ рыгәаҕьра, рхамеигӡара. Урҭ Ҳаԥсадгьыл азы ирылшаз ахә шәашьа амаӡам!

Жәлар рԥыза Владислав Арӡынба инапхгарала еиқәдырхеит ҳ-Аԥсынра. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аԥсуа жәлар ыҟазааразы аԥсра иазцоз ҳветеранцәа, урҭ ирыдгылаз, хатәгәаԥхарала иаҳзааз, иара убас егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Хашҭра ақәӡам урҭ рфырхаҵара, ргәымшәара, реидгылара! Иахьа, Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҿиарамҩа иқәлартә аҭагылазаашьа амоуп. Убри зегьы зыбзоуроу, ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, шәара шәоуп. Ҳара иҳамоуп ҳзықәгәыӷша аҿар! Ҳҳәынҭқарра иаҵеицәа хьӡырҳәагақәаны иҟалааит! Ирацәахааит шәгәы шьҭызхша, уаҵәтәи амш агәрагара шәызҭаша ахҭысқәа, шәыҩнаҭақәа агәырӷьа-ччара агымзаит.  Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар,  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ҳаԥсадгьыл Аԥсны зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа – фырхацәа рҭаацәа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Нагӡара рықәзааит Аԥсни аԥсуа жәлари!     

 

 

Last modified on Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 19:39