Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 27 - ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 10-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 16-ҩык, 2-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 5 –ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 75 - ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 10–ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Урыстәылатәи арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1951 рзы ииз аԥҳәыс.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 27775-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 22680 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 417 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.