Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 28 - ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 9-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 15-ҩык, 2-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 5 –ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 69 - ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 12– ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 27848-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 22680 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 417 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.