Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев ииубилеитә шықәсхыҵра инамаданы дидныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 65 шықәса шәхыҵра иазку шәиубилеитә рыцхә.
Шәара шәыԥсҭазаара аофицер гәымшәа изы иҿырԥшыганы иҟоуп. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны Шәара шәнапы ианыз аҳасабтәқәа ҭакԥхықәра дула шәрызнеиуан, есқьынгьы алҵшәа дуқәа раарԥшра шәылшон. Шәара шәҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара шәшазыҟоу, шәыпрофессионализм, азҵаарақәа рыӡбараҟны хьаҳәа-ԥаҳәарада аус шәазнеишьа хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵзуразы иҿырԥшыга бзиоуп.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны Ашәарҭадара Ахеилаки Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилаки русеицура арҿиараҟны хаҭалатәи шәлагамҭазы. Урыстәылатәи Афедерациа ҳара ҳтәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аиқәырхараҟны ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит, агәра ҳгоит», -ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҟны.
Аслан Бжьаниа Рашид Нургалиев изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, ақәра ду, инапы злаку амаҵзураҟны аихьӡарақәеи изеиӷьаишьеит.