Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ИРЛАСУ АНЫРРА АЗЫ ИҶЫДОУ АГӘЫԤ АКОМАНДАҞАҴАҨИ УИ ИХАҬЫԤУАҨЦӘЕИ РГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.

Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 12:22 296

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы аҭыԥ змаз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рыла амч ахархәареи, иара убас амбжьахра, изакәанымкәа абџьар аҵәахреи аныҟәгареи амчратә структура ахаҭарнакцәа ишакум ала рызныҟәареи ирыдҳәалоу афакт ала аусеилыргаанӡатәи агәаҭара хнаркәшеит. Абри азы адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгыло адырра ҟаиҵеит Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба.  

«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, ирласу анырра азы иҷыдоу агәыԥ акомандаҟаҵаҩ Рашь Ҵәыџьбеи  уи ихаҭыԥуаҩ Дадын Чачхалиеи рганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 288 ахәҭа 3, апункт «А» инақәыршәаны (амч ахархәарала, ма уи ахархәаразы ашәарҭара аманы амаҵуратә зинмчы ахысра) аусеилыргара хацыркуп.   Ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит 5 шықәса инаркны 10 шықәсанӡа аҭакра", - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа ихымҩгашьа аҿы Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 («Амбжьахра», иара убас ахәҭаҷ  321 («Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра (ишакум изныҟәара) инақәыршәаны, ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит.

Уажәазы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ихымҩаԥгашьа аҿы апрокуратура Хада  ацәгьоура аҟазшьа алнакааӡом.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:16