Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециеи уи актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуеи алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы анапхгаҩцәа ҳазҭоу ашықәс жәымз ирылагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабрба ҟарҵеит, иара убас аԥыза-министри дареи аҳазылхратә Еилакы иааиуа ашықәс азы аплантә рбагақәеи абиуџьети ирылацәажәеит.
Ҳазҭоу ашықәс азы ишьақәгылаз аҭагылазашьа ҳасаб азуны, 2022 шықәсазы аҳазылхратә лагалақәа рыплан 15-20% рыла еиҳахар алшоит.
2021 шықәса 9-мыз ирылагӡаны атауареикәыршара 2020 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 7 млрд мааҭ иреиҳаны иазҳаит. Уи 25 млрд 988 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аимпорт ахәҭа иақәшәоит 21 млрд 866 млн. мааҭ, аекспорт - 4 млрд 122 млн. мааҭ. Ҳазҭоу ашықәс 9-мыз рзы аҳазылхратә шәатәқәа 39% рҟынӡа инаӡеит, фактла ахыԥхьаӡаларақәа 1 млрд 954 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ашәатәқәа ахкқәа зегьы рыла алагалақәа реизҳара ыҟоуп, аиҳарак аизҳара ыҟоуп аимпорт азы абаџь, аимпорт азы аизгақәа, акцизатә шәахтәи Иназыцҵоу ахәԥса Ашәахтә.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны ашықәстәи аплан жьҭаарамза 1 рзы 99% рҟынӡа инаӡеит.
Алеқсандр Анқәаб Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы анапхгара атәыла абиуџьет ахь аҳазылхратә хашәалахәы алагалара анапхгараҭара иазку русура ишахәҭоу анагӡара азы анапынҵақәа риҭеит.