«Ари зегьы реиҳа азҿлымҳара зцу зҵаароуп. Аҳәаа аҿы еффективла аусура анагӡаразы аҳазылхратә гәаҭара атехникатә хархәагақәа рымазаара ахәҭоуп. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ ҳара макьаназы иҳамаӡам. Иаагозар, аидарамҩангага амашьына аауазар, уи аҩныҵҟа аконтрабаҭтә тауар ҭазар, уи арҵабыргра азы амашьына иақәу аидара зегьы ақәхны, игәаҭаны, анаҩс ҩаԥхьа иақәыз аидара ақәҵаны иушьҭыроуп. Урыстәылатәи ҳколлегацәа асканерқәа рызгылоуп, атранспорт аҩныҵҟа иҭоу аидара зегьы убаратәы алшара рымоуп. Убри инамаданы, ҳара атәыла анапхгара ахь аҳәара ҟаҳҵеит, аилкаареи адгылареи ҳақәдырӷәыӷит. Ҳара иарбоу аиқәыршәагақәа ҭзыжьуа азауад ахь аҿаҵа аҟаҵаразы иаҭаххо аилкааразы азыҳәамҭа ҳашьҭит. Сгәы иаанагоит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳәаа аҿы аусура анагӡаразы ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа ҳауеит», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Оҭар Хьециа.