Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аконгресс ахь ааԥхьара ахьҳарҭаз азы, даарагьы исҭахуп аринахысгьы Аԥсны иҟоу аурыс еицтәылауаа реиҿкаара акоординациатә Еидгыла аделегациа иалоу ахаҭарнакцәа рхыԥхьаӡара еиҳахарц, Аидгыла аилазаара зегьы акәзар, иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхарала агәазҭазаара аиуо. Агәра ганы сыҟоуп, Аконгресс аҿы аурыс культуреи абызшәеи рыҿиара арӷәӷәареи, аурыс культура ашьаҭа амырӡреи рзы иҟаҵахо шырацәахо», — ҳәа иҳәеит Олег Иурченко.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аконгресс алахәылацәа рахь иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы аицтәылауаа адгылара рыҭара, аҵарадырра, акультура, асоциалтә еиқәыршәара, уҳәа аусхкқәа рҿы ацхыраара рыҭара хадара злоу ахырхарҭақәаны ишыҟац иаанхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.