“Гәык-ҧсыкала атурнир иалахәызи аиааира згази срыдныҳәалар сҭахуп. Сгәы иаанагоит аспорттә ҩаӡара аҿы имҩаҧысуа аибабара, ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәеи аиҩызареи лымкаала иарҕәҕәоит, иара убри ала аспорт аҿиара аперспективақәа еизнарҳауеит ҳәа. Шәара зегьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиҕьасшьоит”, - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Беслан Ешба.
Аҟәа ақалақь Ахадара аҟынтәи иҷыдоу аҳамҭа иара убас ианашьахеит Донецктәи Жәлартә Республика амҵәышәмпыл азы ахацәа ркоманда азыҟаҵаҩ хада Кристина Цыкаловеи Донецктәи Жәлартә Республика амҵәышәмпыл аветеран Инесса Ходовеи.
Аҧсны Аҩбатәи Ахада игәалашәара иазкны имҩаҧгаз атурнир аҿы иреиҕьу ахәмарыҩ ҳәа далкаахеит Михаил Сало (“Локомотив”).
Иара убас иалкаахеит акомандақәа иреиҕьу ахәмарыҩцәагьы: Степан Бородаев (“Гулькевичи”), Витали Гизеи (“Славианск-на-Кубани”), Владислав Белецки (ДЖәР), Дмитри Минчаков (Аҧсны еизгоу акоманда), Николаи Гушьин (“Аҟәа”).
Атурнир амобилтә еимадара “А-Мобаил” ацхыраарала еиҿнакааит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.