Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ЖЬҬААРАМЗА 20 РЗЫ – ШЬАЛУА ДЕНИС-ИԤА ИНАЛ-ИԤА ДИИЖЬҬЕИТ 105 ШЫҚӘСА ҴУЕИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 14:59 306

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, алитературадырҩы, аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа (жьҭаарамза 20, 1916 ш. — цәыббрамза 22, 1995 ш.) иԥсы ҭазҭгьы 105 шықәса ихыҵуан.  

Шьалуа Инал-Иԥа – ҭауад хылҵышьҭран, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан, амаҵурауаҩ иҭаацәараҿы диит.

Аҵарауаҩ илахьынҵа ижәлар гәакьа рлахьынҵа акыр еиԥшхеит, уи акыр ихьанҭан. 1922 шықәса­- иаб дыԥсит, 1935  шықәсазы Н. И. Вавилов иаспирантс иҟаз иашьа дҭаркит, аҵыхәтәнтәи аԥышәарақәа рыҭираан иан дшыԥсыз азы адырра иоуит.   

Иара 1936 шықәса рзы Н. Лакоба ихьӡ зху иҿырԥшыгоу школ  ибзиаӡаны далгеит, Москватәи афилософиеи алитературеи аҭоурыхҭҵаареи Ринститут (МИФЛИ) ахь адкыларатә ԥышәарақәа зеиӷьаҟам ала иҭиит.

Аха, Аинститут иҷыдоу аҟәша аҿы  иҟалаз ацәгьаҳәара иахҟьаны, иара «ажәлар раӷа» иашьа шиакуз еилкаахеит.  Уи иеилдыркааит  иара еиԥш иҟоу  усҟантәи аамҭазы зыхьӡ акыр инагаз аинститут аҿы иҟазаара шиашамхо.  Убас, цәыббрамза 28, 1936 шықәсазы аҵарахьы имнеира иахҟьазшәа иҟаҵаны иара ари аҵараиурҭа дыҭцан.  

Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь иара абжьаратә школ аҿы арҵаҩратә усура инапы аиркит. Хара имгакәа даҽа аахак иоураны дыҟан –агәыбжьанытә иашьа «ажәлар раӷа» ҳәа ахара идҵаны дҭаркит.  Иара ихалазаҵәык даанхеит, уимоу, иара иамҳәаӡакәа иҩнгьы рҭиит. Иара усгьы иуадаҩыз иҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуан усҟантәи аамҭазы лахьыҭара ӷәӷәаны иҟаз иҭауад хылҵышьҭра.  

Иҩызцәа рыцхыраарала, уи 1938 шықәсазы ҩаԥхьа Москваҟа дцаны  К. Либкнехт лыхьӡ зху Апедагогикатә Институт аҭоурыхҭҵааратә факультет дҭалеит, дагьалгеит 1941 шықәсазы адиплом ҟаԥшьыла.  

Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь аус иуан агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» ақыҭанхамҩа аҟәша анапхгаҩыс.

1943 шықәсазы Шь. Д. Инал-Иԥа Қырҭтәылатәи ССР Анаукақәа Ракадемиа аҭоурыхҭҵаара Аинститут аспирантс дҟалеит. Адиссертациатә усумҭа атемас иалихит «Аԥсуаа реибагара-зинтә нормақәа».

1946 шықәсазы  Шь. Д. Инал-иԥа Н. Марр ихьӡ зху Аԥснытәи аҭҵаара-дырратә Институт (аԥхьаҟа – Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт) ахь анаукатә усзуҩ еиҵбы иаҳасабала дахыԥхьаӡалоуп.   

1958 шықәсазы иара аҭоурых, археологиа, аетнографиа рыҟәша аиҳабыс  дҟаҵан, 1962 шықәсазы, аструктуратә аиҭарҿиара ашьҭахь – аетнографиа аҟәша аиҳабыс. 1962 шықәсазы иара Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу аетнографиа Аинститут  «Аԥсуаа» ҳәа атема ала ихьчеит адоктортә дисертациа.  

1968 – 1988 шш. Шь. Д. Инал-Иԥа – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи Ринститут анаукатә усура азы адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан, 1988  шықәса  инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡа – анаукатә усзуҩ хада.

Иҭыжьуп 100 усумҭак инареиҳаны. Шь. Д. Инал-иԥа хыԥхьаӡара рацәала Асоветеидгылазегьтәии арегионалтәии асесиақәеи аконференциақәеи дрылахәын,  (1948 шықәса инаркны), Адунеизегьтәи аконгрессқәа (Москва ақалақь, 1964 ш.; Чикаго ақалақь, 1973 ш.).

Шь. Д. Инал-Иԥа Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет абыжьбатәи ааԥхьара (1967 ш.) адепутатс далхын, иара убас аабатәи ааԥхьара (1971 ш.)  адепутатс.

Шь.Д. Инал-Иԥа  инаукатә лагалақәа рзы аҳаҭыртә хьыӡқәа «Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» (1962 ш.), «Қырҭтәылатәи ССР зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» (1982 ш.) ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыла дазгәаҭан.  

1986 шықәсазы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан. 1993 шықәсазы иара Жәларбжьаратәи Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылас далхын.

 

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 19:56