«Шәара шәахь исымоу аҳаҭыр шьақәырӷәӷәо, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь Дамаск иҟалаз атерракт инамаданы гәыла-ԥсыла сшәыдгылоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Шьамтәыла аҭыԥ змаз арыцҳара ауаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит, иагьақәыӡбоит. Аҳәара ҟасҵоит иҭахаз рҭаацәа ҳашрыдгыло ала, иара убас ааха зауз иаарласны агәабзиара роурц азеиӷьашьара шыҟаҳҵо азы адырра рышәҭарц».