Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа уахи-ҽни еиҧынкыланы ареидқәа мҩаҧыргоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30. Аҧсныпресс. Ашәарҭадареи азинлеишәеи рышьақәыргылареи, иара убас азинеиларгарақәа рыҧхьырҟәҟәаареи – амилици аусура ахықәкы хадақәа иреиуоуп.
Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, ареидқәа рымҩаҧгараан Автоҳәынҭинспекциа аҟәшеиҵақәеи ауаажәларратә шәарҭадара амилициеи русзуҩцәа ҳазҭоу амчыҩжь иалагӡаны иаадырҧшит амҩатә ныҟәара аҿы аҧҟарақәа реилагара иадҳәалоу 1030 факти, 41 инарзынаҧшуа административтә зинеилагарақәеи.
55-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аҧсҟы ахьыркыз азы ахьырхәра иақәыршәоуп, 6-ҩык Ареспублика Аҧсны административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны, аанкылареи ахараҧса ашәареи раҳасабала административтә ҭакҧхықәра рыдҵоуп.