Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 541-ҩык, COVID-19 азы адиагноз 163-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 94 – ҩык апациентцәа, 25 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 40 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 42-ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 21-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 34, 5-ҩык, ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 15 - ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 94 -ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 12–ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Гәдоуҭатәи аковидттә хәышәтәырҭа аҿы лыԥсҭазаара далҵит 44 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 30361 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 25117 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 435 -ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.