Уаанӡа акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ачымазцәа рыхәшәтәра иадҳәалоу аҭаххрақәа зегьы рыхҩара азы афинанстәра абжьаратәи ашәагаа 18 млн мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Едуард Быҭәба иажәақәа рыла аҭаххрақәа реизҳара ачымазара злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара аизҳареи, иара убас ачымаза иуадаҩны ацашьеи роуп изыдҳәалоу.
«Ари авирус алаҽра ауаа акыр иуадаҩны ирхыргон, убри аан аҭагылазаашьа аруадаҩуеит иара убас сезонла ицәырҵуа, иӷәӷәаны имҩаԥысуа ареспиратортә вирустә ҿкы чымазареи (ОРВИ) иӷәӷәоу ареспиратортә чымазареи (ОРЗ)», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Едуард Быҭәба.
Алеқсандр Анқәаб апрепаратқәа рыҭара ахылаԥшра аҭареи, убри аан ахәшәқәеи ахыхьчагатә хархәагақәеи мызкы шыбжьоу рыдкылара алыршареи рзы анапынҵақәа риҭеит.
«Аҳәынҭқарра астационар ахь инагоу апациент хәшәыла аума, фатәи-жәтәи рыла аума адифицит имоуларц азы иалшо зегьы ҟанаҵоит. Аха атәылауаа роуп зегьы реиҳа аҭакԥхықәра зду: авакциана алаҵара, массала ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рахь амнеира, иара убас ахыхьчаратә санитартә нормақәа рынагӡара», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.