Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 529 -ҩык, COVID-19 азы адиагноз 160-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 97 – ҩык апациентцәа, 22 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 51 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 36-ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 23-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 33, 6-ҩык, ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 15 - ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 87 -ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 12–ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Гәдоуҭатәи аковидттә хәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит х-ҩык апациентцәа - 88 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 52 шықәсеи 62 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи.
Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1935 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 30656 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 25907 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 441 -ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.