Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2020-2022 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара азы аинвестициатә программа анагӡара иазкны инарҭбааны аилатәара мҩаԥигеит. Уи иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аиҳабыра Реилазаара алахәцәа, араионқәеи ақалақьқәеи радминистрациақәа рхадацәа, аргыларатә фирмақәа рхаҭарнакцәа. Аинвестициатә Программа анагӡашьа азы адыррақәа ҟаиҵеит Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба. Уи аобиектқәа зегьы инарҭбааны аинформациа ҟаиҵеит, иҟоу ауадаҩрақәа дырзааҭгылеит. Зынӡа иааизакны ҳазҭоу ашықәс азы апрограмма ала афинанстәра алимит 1 млрд 350 млн мааҭи рҟынӡа азԥхьагәанаҭоит, урҭ рахьынтә ахархәара аиуит аусурақәагьы мҩаԥгоуп 700 млн мааҭ рҟынӡа. Аҳәынҭақарра Ахада аԥсуа ган ала иаанхаз аԥара аицҵалыҵ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ахархәашьа аҭара залыршахома ҳәа азҵаара ҟаиҵеит. Уи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекоономика аминистр Кристина Озган лахь иҟоу аҭагылазаашьа аилыркааразы аҳәара ҟаиҵеит.
Кристина Озган 2020-2022 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара азы аинвестициатә программа анагӡараан апсуа ган аҿаԥхьа ицәырҵуа апроблемақәа дырзааҭгылеит. Афинанстә лимит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп 44 усмҩаԥгатә рынагӡара, азеиԥш ахә 1 млрд. 350 млн. мааҭ артәоит. Урҭ рахьтә, аамҭеихшаратә усурақәа инарықәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс азы афинанстә цхыраара инамаданы 32 обиект рыҟны аусура хыркәшатәуп, 12 обиект рынагӡара азгәаҭоуп 2022ш. рзы. Арҭ еиҭаҵуа обиектқәоуп. Жьҭаарамза 21-тәи азгәаҭақәа рыла ҳазҭоу ашықәс азы иҟаҵаз афинанстә цхыраара иартәеит 392 млн.мааҭ.
Ашықәс нҵәаанӡа аргыларатә еиҿкаарақәа иаанхаз 450 млн.мааҭ рхы иадырхәароуп. Аԥарақәа харахәара ахьрыҭам зыхҟьаз апроект-харџьынҵатә документациа аиҭахәаԥшра ахьаҭаххаз ауп, - ҳәа иазгәалҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
«2020, 2021 шш. рыҩныҵҟа апроект-харџьынҵатә документациа аханатәтәи ахәԥса иадҳәалам аиҭакрақәа алаҳгалароуп, изыԥсаз иадҳәалаз акәымкәа, егьи аобиектқәа жәпакы рзы ишьақәыргылаз апроект-харџьынҵатә документациа агхақәа ахьамаз иахҟьаны ауадаҩрақәагьы цәырҵит», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.
Аҳәынҭқарра Ахада апроектқәа реиқәыршәара знапы ианыдаз ҳәа азҵаара ҟаиҵеит. Кристина Озган уи аҭак ҟаҵо апроектқәа анардкылаҩцәа, убри аан аԥснытәи еиԥш урыстәылати анардкылаҩцәа ракәын ҳәа иазгәалҭеит. Уи ари аҭагылазаашьа аинвестициатә программа ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны анардкылаҩцәа рыдкылараан ҳабас азухоит ҳәа иазгәалҭеит. Аминистр Аҳәынҭқарра Ахада илҳәеит ари азҵаара Аиҳабыразинтәкомиссиаҟынгьы ишышьҭыхыз. Урыстәылатәи Афедерациаҟынгьы ари атема актуалтәуп, избанзар аргыларатә маҭәахәқәа рыхәқәа рыҟны акырӡа аԥсхарақәа ҟалеит. «Уаанӡа апроект-харџьынҵатә документациа шьақәыргылан аресурстә метод ала. 2020 шықәса инаркны абазистә-индекстә метод ала апроект-харџьынҵатә документациа ашьақәҳаргыларахь ҳаниас, ас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа ахәԥса ашьақәыргылараҟны анырра ӷәӷәаны ианаҭеит. Ари иаанаго, иаагозар, ахәԥса аиндекс ахархәарала абазис шьаҭас иаҭаны ишьақәыргылахоит. Ахархәаратә метод алшара ҟанаҵон ахарџьынҵатә хәыԥса аргыларатә материал аазгоз рыҟны ишьақәгылоз ахәԥса шьаҭас иаҭаны. Урыстәылагьы абазис индекстә метод ахь ииасит. Ас еиԥш аметод хархәара аиулар, аԥхьаҟагьы еснагь ахарџьынҵатә документациа актуалра аганахьала ауадаҩрақәа цәырҵлоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
"Иахьатәи аиԥылара ахара адҵареи аусура амхреи ракәӡам изызку. Иахьа сшәацәажәарц сыӡбеит иҟоу ауадаҩрақәа еилыскаарц азы. Ауадаҩра ахәҭак убартә иҟоуп. Абри аамҭа иалагӡаны 2021 шықәса рзы ахәқәа акыр ишьҭыҵит. Убри аҟынтә зегьы ҳаиҭарыхәаԥшроуп. Ахԥатәи амзыз, аванстә шәатәқәа аобиектқәа рыхәԥсақәа рыла акәымкәа, ашықәс алимит аҟынтә акәхеит. Арҭ зегьы аусура аԥырхага анаҭоит. Апрограмма хышықәса ҳәа ишьақәыргылоуп, ҳара ҩышықәса ҵуеит ари ҳалацәажәоижьҭеи. Иҟаҵатәуи урҭ аԥырхагақәа раԥыхразы? Ҳарҭ Урыстәылаҟа аҳәара ҟаҳҵеит афинанстә цхыраара иацырҵарц. Ҳажәа иақәшаҳаҭхеит. Иҳалшома аԥарақәа ииашаны рхархәара?", - ҳәа дҵааит Аҳәынҭқарра Ахада.
"Апроцесс иамоу абиурократтә ҟазшьа иҽеиу ахь ҳкылнагом. Ҳарҭ ҳхала иҟаҳҵароуп апроектқәа, агәаҭарақәагьы араҟа ирыхҳажьроуп. Иҷыдоу ахыбра ҳаргылозар, ҳдырра азхаӡом, анҭыҵ иҟоу апроекттә еиҿкаарақәа ҳрыдҵаалап усҟан. Ҳара уаҳа назҭахым апроектеиқәыршәаҩцәа ҳаман, иҟан, иагьыҟоуп аҿар. Урҭ рыгәра гатәуп, даргьы еизҳалароуп. Апроектқәагьы аекспертизагьы ара иҟаҳамҵалар, ауадаҩрақәа шыҟац иаанхоит», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Атәыла аԥыза-министр ҿырҧштәыс иааигеит апроект-харџьынҵатә документациаҿы иахәҭаз зегьы ахьарбамыз азы ахархәарахь ирызрымҭац Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа.
«Абри атәы рдыруама урыстәылатәи ҳколлегацәа? Излеиԥшми урыстәылатәи апроекттә еиҿкаареи ҭакԥхықәрада аус зуа, ибаҩдану аԥснытәи ҳаиҿкаареи?» - ҳәа дҵааит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Арҭ азҵаарақәа аиԥыларақәа раан ишьҭыхлатәуп. Ҳара аԥара алхра ҳалшаны, нас урҭ ҳхы иаҳзамырхәар, шьҭахьҟа ҳнаскьар акәхоит, уи ала ҳаалгоит. Ас еиԥш иҟоу аусура ҳара ҳақәшаҳаҭӡам, Урытәылатәи Афедерациа абжьаратә напхгаҩцәа ирзеилымкаауазар, иҟоуп еилызкаауа даҽа џьоукы. Урҭ ираҳартә иҟаҵатәуп, - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Ари ҳаизыҟазаашьақәа аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҟны ԥынгылас иҟалеит, Аԥсны ауааԥсыра рзы аҵак ду змоу апроектқәа рыҟны. Ас иҟамлароуп».
Аҳәынҭқарра Ахада аминистр лнапы ианиҵеит урыстәылатәи аколлегацәа рзы Аминекономика агәаанагарала апроектқәа рынагӡаразы иаҭаху ажәалагалақәа рышьақәыргылара.
Аилацәажәара аихашьалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Атәыла анапхгара ицәырҵуа ауадаҩрақәа аӡбалоит, ара зыӡбахә ҳамоу, ҷыдала, аекономика аҿиаразы акрызҵазкуа аинфраструктуратә проектқәа роуп. Ари апроцесс сара хаҭала сахылаԥшлоит. Аусуратә еиҿкаарақәеи аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи аџьшьара зларысҭаша амзызқәа рацәаны исымазар сҭахуп. Иара убас аконтроль аҟаҵаразы ахылаԥшра рӷәӷәахоит азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала. Арепатриациазы аминистрраҟны, «Аԥсныавтомҩа» аҟны, егьырҭ аиҿкаарақәа рыҟны иҟаз аҿырԥштәқәа ҟамлароуп. Даҟьак ааҳарҳәит, уахь ҳхынҳәыр ҳҭахӡам. Аконтрольтә усбарҭақәа аусушьа рҵеит, иҟоуп ахарџьынҵатә документациа, иҟоуп уи аҩныҵҟа ахашәалагьы. Зегьы хылаԥшра рыҭалахоит, шәгәышәҽанысҵоит. Ҳаҭыр зқәу аргылаҩцәа, аргыларатә еилахәырақәа рыҟны абанкқәа рыла 2-3 миллиард мааҭ закәанеилагарала риура ҳаҟәыҵроуп аицәажәарақәа абри аудиториаҟны имҩаԥаҳгаларц азы, даҽа ҭыԥқәак рыҟны акәымкәа. Арҭ реиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа рыла аиҿкаара аусура ашьаустә ҭакԥхықәрала ихнаркәшар ҟалоит».