Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

2021 ШЫҚӘСА 9 МЫЗ ИРЫЛАГӠАНЫ АԤСНЫ ИИТ 1000-ҨЫК АХӘЫҶҚӘА.

Асабша, 25 Цәыббра 2021 13:20 229

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  2021 шықәса ажьырныҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа Аԥсны иит 1000 –ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә  5 ҩык иԥсны ииз ахәыҷқәа роуп, – ҳәа адырра ҟарҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы.

475 – ҩык  ӡӷабцәоуп, 525 – ҩык ҷкәынцәоуп.

Ашықәс алагара инаркны ииз ахәыҷқәа рҟынтәи 622-ҩык аԥсыуаауп, 118 – ерманцәоуп, 123 –ҩык  – ақырҭцәоуп, 76 - ҩык – урысцәоуп, 61 –ҩык – егьырҭ амилаҭқәа иреиуоуп.

2020 – тәи ашықәс аиԥ-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иит 1120-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә 7-ҩык иԥсны ииз роуп. 2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа Аԥсны иит 583 - ҩык аҷкәынцәа,  537

 

-ҩык аӡӷабцәа. 2020 шықәса 9 мыз рыла ииз 712 -ҩык ахәыҷқәа милаҭла иаԥсыуаауп, 144-ҩык ерманцәоуп, 106 –ҩык ақырҭцәоуп,  99-ҩык урысцәоуп, 59 – ҩык егьырҭ амилаҭқәа иреиуоуп.  

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 16:36