Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 41-ҩык апациентцәа, 12-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 20-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 24, 6-ҩык, ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 13 - ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 90 -ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 12–ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Гәдоуҭатәи аковидттә хәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит 82-шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 31045 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 26512 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 448 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.