Аиԥылараҟны аҳәаа ахысраҟны ашәарҭадареи Агәаҭара аужьратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҟны аусура арежими, иара убас аекономика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны ашәарҭадареи ирызкыз азҵаатәқәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви иареи реиԥылара.