Акоронавирустә ҿкы чымазара ахәышәтәраан активла ахархәара зауа зыхәԥса ҳараку ахәшәқәа рдефицит, ареспублика аҿы аус зуа аковидттә хәышәтәырҭақәа рҿы аҭыԥқәа разымхара, иара убас авакцинациа иԥсыҽӡаны амҩаԥгара ҳасаб азуны иуҳәозар, аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩхар алшоит.
Убри инамаданы атәыла аԥыза-министр асанитартә ҳақьым хада длыҿцәажәо аԥкратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәареи абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа, ауааԥсыра ирзааигәаӡаны аимадара змоу аусзуҩцәа ихымԥадатәиу рвакцинациеи ралыршара азы ажәалагала ҟаиҵеит. Ари азҵаара ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Акоординациатә Штаб ахь ахәаԥшразы анагара азы ажәалагалар ҟаҵоуп.
Лиудмила Скорик иара убас иҟалҵаз адыррақәа рыла, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ала Аԥсныҟа иаагоуп авакцинақәа рышьҭаҵара азы архьшәашәагатә еиқәыршәагақәа. Уи заагара азԥхьагәаҭаз 30 нызықь доза рҟынӡа инаӡо авакциана «Спутник V» иадҳәалахеит. Иара убас ауааԥсыра агрипп чымазара аҟынтәи алаҵа рылаҵара азԥхьагәаҭоуп.
Алеқсандр Анқәаб COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазҵаз Аԥсны атәылауаа рзы иаку адыррақәа реизак ашьақәыргылареи QR-код ҳәа изышьҭоу авакцинациа азы аршаҳаҭга алагалареи рзы аусура арццакра азы адҵа ҟаиҵеит.