Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Абҵарамза 2 рзы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак ахаҭарнак Ахра Бжьаниа инапы зҵаиҩыз иарбоу Ахеилак аҟынтәи ашәҟәы неит. Ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Адырра шәаҳҭоит, абҵарамза 4, 2021 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Адраматә театр аҿаҧхьа 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак амитинг мҩаҧнагоит. Уи алагоит асааҭ 13:00 рзы».
Ари ашәҟәы аҭак ҟаҵо Аҟәа ақалақь ахада Аҳәынҭқарра Ахада Иқәҵара инақәыршәаны амассатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара азы аҧкрақәа алагалоуп ҳәа иҳәеит, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
«Аҟәа ақалақь Ахадара адырра ҟанаҵоит, акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада «Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы» иҭижьыз Аусҧҟа ала нанҳәамза 13, 2021 шықәса инаркны амассатә усмҩаҧгатәқәа аҩны аҩныҵҟа еиҧш адәахьгьы рымҩҧгара азы азин ыҟаӡам. Иарбоу аҧкра иахьа уажәраанӡа азинмчы амоуп»,- ҳәа иазгәаҭоуп аҳҭнықалақь Аҟәа ахада ишәҟәы аҟны.