Уи еизаз иргәалаиршәеит Апрокуратура Хада иҟалаз ахҭыс ала аусеилыргара шымҩаҧнагаз, уи алҵшәақәа рыла Дмитри Сергеи-иҧа ахара идӡам ҳәа алкаа шыҟанаҵаз. «Шәааи маҷк ҳаҽҳарҭынчып, ҳара еиҩаҳшо акагьы ҳамаӡам,еилаҳҵода еилаҳхуада, зегьы ҳара иаҳтәуп, ара атәымуаа ыҟаӡам. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ари чымазарак аҳасабала иҳалалеит – есышықәса инеиҧынкыланы еиҧшу ахҭысқәа ҳрықәшәоит. (еиуеиҧшым апротесттә акциақәа рымҩаҧгара – АП аредакциа азгәаҭара)
Шәааи ҳаҟәыҵып уи! Шәааи маҷк иадамзаргьы апатуқәҵара ааҳарҧшып!» - ҳәа иҳәеит аветеран.
Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит иара убас Очамчыра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Артемон Габелаиа: «Ҳара зегьы ҳгәы иалсит иҟалаз ахҭыс иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанханы иахьыҟоу. Даараӡа угәы унамырхьыр залшаӡом аилибамкаара аанханы иахьыҟоу, ари аинцидент аполитикатә цәаҩа аиуо иахьалагаз. Агәаанагара цәырҵуеит џьоукы-џьоукы ауаа аветеранцәа рхашҭны ари аус аполитикатә хырхарҭа арҭоит ҳәа. Ари аӡәгьы дарҧшӡаӡом, иара аусгьы акала иахәо иҟам.
Сара даҽазнакгьы исҳәоит, ҳара зегьы ара иҟалаз ҳгәы иалсит, аха аӡәгьы дарҧшӡо иҟам иҟалаз ахҭыс аполитикатә ҟазшьа аҭареи аполитикатә феида алхреи рҽазышәара. Ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарра, азакәанқәа, Аконституциа, убри аҟнытә аконфликтқәеи аимак-аиҿакқәеи зегьы азинтә шьаҭа аманы, азакәан инақәыршәыны иӡбазар ахәҭоуп.
Артемон Габелаи зегьы ачҳареи аилибакаареи аадырҧшларц азы ааҧхьара ҟаиҵеит.
«Адраматә театр аҿаҧхьагьы ауаа гылоуп, ҳара ҳветеранцәа, Ҳара зегьы иаҳзеиҧшу ахықәкы ҳамоуп – аконфликт аӡбареи аҭышәынтәалареи», - ҳәа иҳәеит иара.